Европа амш инамаданы  Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рхьыӡрашәақәа рыла иаҧҵаз  амузыкатә композициа  [авидео]

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра аланарҵәеит Европа амш инамаданы Қырҭтәыла амилаҭтә симфониатә оркестри уи анапхгаҩы Николоз Раҷвелии Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рхьыӡрашәақәа рыла иаҧырҵаз амузыкатә композициа.

Евроеидгыла ахаҭарнакра аинформациа ишану ала, акомпозициа анагӡара иалахәын  100ҩык раҟара амузыкантцәа, урҭ рыгәҭа, Гурам Ҟурашвили ихьӡ зху Аҧснытәи ахортә капеллеи, акомпозитори апианисти Цотне Зедгиниӡеи уб.  егь..