Европа афашизм аиааира 76-тәи ашықәс азгәанаҭоит
Европа афашизм аиааира 76-тәи ашықәс азгәанаҭоит

Лаҵара 8 рзы Европа афашизм аиааира 76-тәи аиубилеи азгәанаҭоит.

1945 шықәса лаҵара 8 рзы Карлҳост аҿы, европатәи аамҭала асааҭ 23:01 рзы анапы аҵаҩын Германиа акапитулиациа, аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Европа аконтинент аҿы Аҩбатәи адунеитә еибашьра ихыркәшан. Франциеи егьырҭ европатәи аҳәынҭқаррақёеи есышықәса “Европаҿ аиааира амш” азгәарҭоит.

Ари амш инамаданы Фрнциа ахада Емануель Макрон иахьа Елисеитәи адәқәа рҿы амилаҭтә цермониа мҩԥигоит.

Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель афашизм аиааира 76-тәи аиубилеи инамадагы Твиттер аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

“Агәаҟра зхызгаз зегьы иаҳхашҭуам. Абри еиԥш ахҭысқәа еиҭаҟамларц азы, аҭакԥхықәра ду ҳамоуп,” –  иҳәеит Шарль Мишель.