Европа адырраҭарақәа реидгыла есышықәсатәи аинформациатә аҳасабырба Ҭинаҭин Берӡенишвили линтервиу ианылеит
Европа адырраҭарақәа реидгыла есышықәсатәи аинформациатә аҳасабырба Ҭинаҭин Берӡенишвили линтервиу ианылеит

Европа адырраҭарақәа реидгыла есышықәсатәи аинформациатә аҳасабырба “Уи ашьҭахь иҟалоит? Ауаажәларратә медиа адистракциеи, агәаанагарақәеи аинформациатә епохеи раан” икьыԥхьуп.

Аҳасабырба  ауаажәларратә дырраҭарақәа ауаажәлар рҟны аимадара арӷәӷәара амҩақәа рыҭҵаара иазкуп.

Аҳасабырба ианылеит алидерцәеи, аекспертцәеи 40 иреиҳаны аинтервиуқәа. Урҭ иреиуоуп Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили линтервиу.

Ҭинаҭин Берӡенишвили Қырҭтәыла ауаажәларратә дырраҭара аԥхьа иҟаз ааԥхьарақәа дырзааҭгылеит

“Аҳәынҭқарратә телехәаԥшра ауаажәларратә дырраҭарас иҽеиҭакын 2005 шықәсазы. Ҳара ҳганахьала апостсоветтә зныҟәара аанхеит, аҳәынҭқарратә телехәаԥшра Аиҳабыра рымаҵ ауроуп ҳәа ргәы иаанагоит. Ҳара амаксимум ҟаҳҵоит, ҳахәаԥшцәа рымаҵ аауеит, акоммерциатә аихи ҳареи ҳаиԥшымра ирбарц ҳҭахуп,” – иазгәалҭеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Аҳасабырбаҿ ишану ала, Қырҭтәыла ауаажәларратә дырраҭара астратегиа  аинтенсивтә ҩнуҵҟатәии адәныҟатәии коммуникациа ӷәӷәа амоуп, амедиа аиҿкаарақәа рҟынтә иҿырԥшыгоу дырраҭароуп ҳәа иԥхьаӡоуп.