Еврокомиссиа, ЛГБТИ рзинқәа реилагара амшала, Венгриеи Польшеи ирҿагыланы, аӡбарҭашҟа ашшыҧхьыӡ  аланаҵеит
Еврокомиссиа, ЛГБТИ рзинқәа реилагара амшала, Венгриеи Польшеи ирҿагыланы, аӡбарҭашҟа ашшыҧхьыӡ  аланаҵеит

 

Еврокомиссиа,  Евроеидгыла иалоу атәылақәа Венгриеи Польшеи реиҳабырақәа рыла ЛГБТИ рзинқәа реилагара амшала, аӡбарҭашҟа ашшыҧхьыӡ  аланаҵеит.

Аинформациа аланарҵәеит Еврокомиссиа.

«Ауаҩы изинқәеи  иаҳаҭыри пату рықәҵара апринцип  Евроеидгылазы ахадаратә ҵакы амоуп. Еврокомиссиа, ахархәагақәа зегьы рыла абарҭ апринципқәа рыхьчара нанагӡоит.  Акомиссиа, азинқәа реилагара иадҳәаланы,  азинеиҟарареи аҧҟара хадақәеи рыхьчаразы,  Венгриеи Польшеи ирҿагыланы апроцедура иалагоит. Зыӡбахәы ҳәоу аҳәынҭқаррақәа ҩымз аҿҳәара рымоуп дара ирҿагыланы ицәыргоу аргументқәа рзы Еврокомиссиа аҭак аҭаразы. Мамзар, Еврокомиссиа,  анеҩстәи аусеилыргаразы Европатәи аӡбарҭашҟа идәықәнаҵоит иҵаҵгәырку аихшьаалақәа», — иануп Еврокомиссиа аҳәамҭаҿы.