Евроеидгылеи  EBRD-и ақырҭуа еилахәырақәа рзы афинансыркра аздырҳауеит
Евроеидгылеи  EBRD-и ақырҭуа еилахәырақәа рзы афинансыркра аздырҳауеит

Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанки  (EBRD)  Евроеидгылеи Қырҭтәыла  амикроаилахәырақәеи аилахәыра хәыҷқәеи рзы ацхыраара аздырҳауеит.

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла аделегациа адырра ала,   10 миллион евро иаҟароу акредит атәыла аҩнуҵҟагьы анҭыҵгьы иҟоу ақырҭуа еилахәырақәа рконкуренциалшара аизырҳара иазкуп.

«Евроеидгылеи Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанки рыцхыраара ала,  Қырҭтәыла  амикроаилахәырақәеи аилахәыра хәыҷқәеи  афинансқәа раиуразы иаҳа ирацәаны алшарақәа роуеит.

EBRD, аҭыҧантәи аилахәырақәа асуб-кредитқәа рыҭаразы,  ProCredit Bank Georgia  иазоунашьҭуеит   10 миллионов евро, иара убас,   Евроеидгыла абри ацхыраара ханарҭәаауеит астимулиациатә грантқәеи  хәыҧсадатәи аконсультациақәеи рыла», — иануп аҳәамҭаҿы.