Евроеидгыла Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит Нанҳәатәи аибашьра аус иадҳәаланы Страсбургтәи аӡбара ақәҵара нарыгӡарц
Евроеидгыла Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит Нанҳәатәи аибашьра аус иадҳәаланы Страсбургтәи аӡбара ақәҵара нарыгӡарц

Евроеидгыла адәныҟатәи аимадарақәа рзы амаҵзура Урыстәыла – Қырҭтәылатәи еибашьра иадҳәланы Страсбургтьәи аӡбара иаднакылаз ақәҵара иазкны аҳәамҭа аладырҵәеит.

Евроеидгыла Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит Нанҳәатәи аибашьра аус иадҳәаланы Страсбургтәи аӡбара ақәҵара нарыгӡарц.

«Аӡбара ақәҵараҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп  2008 шықәса нанҳәа 12 инаркны Урыстәылатәи афедерациа, Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аконвенциа ахәҭаҷқәа еилаганы,  Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни  ишырхылаҧшуа.

Азинхьчаратә органқәеи аҳасабырбареи аҵакы ду рымоуп аимак аҭыҧқәҵаразы, Евроеидгыла Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵоит аӡбара ақәҵара нарыгӡарц.

Евроеидгыла аимак аҭыҧқәҵара иазҿлымҳауп.

Евроеидгыла атәылақәа зегьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла  аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит», — иануп аҳәамҭаҿы.