Евроеидгыла Қырҭтәылатәи  Covid-сертификат азханаҵеит
Евроеидгыла Қырҭтәылатәи  Covid-сертификат азханаҵеит

Европатәи Аидгыла Қырҭтәыла ауааҧсыра ирыҭоу  Covid-сертификат азханаҵеит,  — ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла аиҳабыра.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ ишаарыцҳаз ала,  уажәааны акомиссиа асаит аҿы иашьашәалоу адокумент кьыҧхьын.

«Еврокомиссиа ақырҭуа  Covid-паспортқәа рызхаҵара иазкны аӡбара рыдыркылеит. Аӡбара инақәыршәаны, авакцинациа акурс наӡа ахысра иазку адокумент змоу Қырҭтәыла атәылауаа Евроеидгыла аҵакырадгьылаҿ аиҭаҵра рылшоит. Евроеидгыла аӡбара амч аиуеит адокумент акьыҧхьра инаркны», — иануп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.