Евроеидгыла ахаҭарнакра - Евроеидгыла Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ареформа иадҳәалоу ахыдҵақәа нарыгӡарц
Евроеидгыла ахаҭарнакра - Евроеидгыла Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ареформа иадҳәалоу ахыдҵақәа нарыгӡарц

Евроеидгыла Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит, Қырҭтәыла атәылауаа ринтересқәа ирышьашәаланы, Евроеидгылеи Қырҭтәылеи наҟ-наҟтәи еизыҟазаашьақәеи рзы, ареформақәа ирыдҳәалоу ахыдҵақәа нарыгӡарц, урҭ иреиуоуп азинӡбара асферагьы, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла анапхгаҩы аамҭала ихыдҵақәа назыгӡо Џьулиен Крамп.

Крамп иажәақәа рыла, 150 миллион евро иаҟароу амикрофинанстә цхыраара хықәкыс аман акофидпандемиа аҿагылара аус аҿы Қырҭтәыла ауааԥсыра рыцхыраара.

“Евроеидгыла ахьӡала Евроеидгыла амакрофинанстә цхыраара иадҳәаланы 2021 шықәса нанҳәа 31 рзы  Евроеидгыла Қырҭтәыла аиҳабыра 75 миллион евол амикрофинанстә цхыраара аҳәара аҽанкылара иазкны ирыдыркылаз аӡбара иадҳәаланы адырра аиуит. 2020 шықәса цәыббразтәи ҩганкалатәи еиқәшаҳаҭра ала иазыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа рынагӡара ашьҭахь, Қырҭтәыла ари аԥара 2021 шықәса цәыббра 30-нӡа аиур акун. 150 миллион евро иаҟароу амикрофинанстә цхыраара хықәкыс аман акофидпандемиа аҿагылара аус аҿы Қырҭтәыла ауааԥсыра рыцхыраара,” – иҳәеит Џьулиен Крамп.