Евроеидгыла атәыла партниорцәа рзы, урҭ  Қырҭтәыла рылоуп, авакцинациа апроцесс адгыларазы  35 миллион евро иаҟароу ацхыраара алнахит
Евроеидгыла атәыла партниорцәа рзы, урҭ Қырҭтәыла рылоуп, авакцинациа апроцесс адгыларазы 35 миллион евро иаҟароу ацхыраара алнахит

Евроеидгыла атәыла партниорцәа рҿы, урҭ рыбжьара Қырҭтәыла, авакцинациа апроцесс адгыларазы 35 миллион евро иаҟароу ацхыраара алнахит. Аинформациа ианылеит еврокомиссиа авебдаҟьа.

Ари ала Евроеидгыла аглобалтә дефицитаныҟоу аамҭазы, мрагыларатә партниорра иалоу фтәылак рҿы авакцинациа апроцесс арццакра иадгылоит. Арҭ атәылақәа роуп Қырҭтәыла, Шәамахьтәыла, Азербаиџьан, Беларус, Молдова, Украина.

Сынтәа жәабран азы ауааԥсыра ршәарҭадареи ишәарҭам авакцинациазы аҽазыҟаҵареи рзы 40 миллион евро алхын.