Евроеидгыла алидерцәа Урыстәылазы асанкциақәа рыҿҳәара ацҵара иақәшаҳаҭхеит
Евроеидгыла алидерцәа Урыстәылазы асанкциақәа рыҿҳәара ацҵара иақәшаҳаҭхеит

Бриуссель имҩаҧысыз Евроеидгыла асаммит аҿы, Евроеидгыла алидерцәа даҽа шықәсыбжак ала Урыстәылазы  асанциақәа   рынагӡара иақәшаҳаҭхеит.

Ари ҳәамҭа ҟаиҵеит Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель.

«Евроеидгыла Урыстәыла иадҳәаланы иаку астратегиатә азнеишьа амазаауеит. Ҳара Урыстәыла иаҿагылоу аекономикатә санкциақәа рыҿҳәара ацаҳҵоит. Москва, Минсктәи аиқәшаҳаҭра ала ахы иадырҵаз аҧхықәрақәа нарыгӡароуп», — иҩит Шарль Мишель  Twitter аҿы.

Иара убас,  Мишель ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла Урыстәылаҟны адиалог аформати аҭагылазаашьақәеи ирыхәаҧшуеит.