Евроеидгыла алидерцәа Мрагыларатә партниорра атәылақәа европатәи рҽазышәарақәа шьақәдырҕәҕәеит
Евроеидгыла алидерцәа Мрагыларатә партниорра атәылақәа европатәи рҽазышәарақәа шьақәдырҕәҕәеит

Адокумент ишану ала,  европатәи алидерцәа  иазхарҵеит Мрагыларатә партниорра атәылақәа рҟны аполитикатәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәа  шырҭбаатәу. Ахеилак алахәылацәа иазхарҵеит Мрагыларатә партниорра атәылақәа европатәи рҽазышәарақәа.

«Евроеидгыла иазханаҵеит ҳаҧхьаҟа Мрагыларатә партниорра атәылақәа рҟны аполиткиатәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәа шырҕәҕәатәу. Ҳара Мрагыларатә партниорра атәылақәа европатәи рҽазышәарақәа иазхаҳҵоит, урҭ абарҭ атәылақәа рҭышәынтәалара арҕәҕәра иацхраауеит. Иара убас, Ахеилак иазханаҵеит Ацентртә Азиа атәылақәа рҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбаара ахымҧадарагьы», — иануп аҳәамҭаҿы.

Мрагыларатә партниорра иалахәы атәылақәа иреиуп Қырҭтәылагьы.