Евроеидгыла аделегациа Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара ахь ааҧхьара ҷыда ҟарҵеит Заза Гахелаӡе закәандарала иаанкылара аҿҳәара ацҵара иадҳәаланы

2021  шықәса жәабран 11 рзы,  Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара еснагьтәи аилак аилатәараҿы, Евроеидгыла аделегациа Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара ахь ааҧхьара ҷыда ҟарҵеит Заза Гахелаӡе закәандарала иаанкылара аҿҳәара ацҵара иадҳәаланы.  Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

«Қырҭтәыла аимак амшала азарал зауз ауааҧсыра рзинқәеи ршәарҭадареи алацәажәаразы еиуеиҧшым аформатқәа ҳхы иаҳархәоит.  Иара убас, Урыстәылеи  де-факто анапхгареи рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҭыҧаҿы ашәарҭадареи агуманитартә ҭагылазаашьеи иаҳа еицәазтәуа  апровокациатә шьаҿақәа рыҟаҵара иаҟәыҵырц.

Абри аконтекст аҿы Евроеидгыла Урыстәыла агәаланаршәоит  2021 шықәса ажьырныҳәа 21 рзы Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡбара  «Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы» аус азы иаднакылаз ақәҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла аҭакҧхықәра шаду, — иануп аҳәамҭаҿы.