Евроеидгыла абжьацәажәара ала,  азербаиџьантәи аган Шәамахьтәыла иаздырхынҳәит 10ҩык арратә маҵзуҩцәа
Евроеидгыла абжьацәажәара ала,  азербаиџьантәи аган Шәамахьтәыла иаздырхынҳәит 10ҩык арратә маҵзуҩцәа

АИХ ишаарыцҳаз ала, Арратә атҟәацәеи хадарба изыӡ ауааҧсыреи рызҵаарақәа рзы Азербаиџьан аҳәынҭқарратә комиссиа аинформациа инақәыршәаны,  Евроеидгыла абжьацәажәарала,  азербаиџьантәи аган Шәамахьтәыла иаздырхынҳәит 10ҩык арратә маҵзуҩцәа.

АИХ адыррала, арратә маҵзуҩцәа рырхынҳәра апроцесс аҧшьеигеит Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель. Аганқәа ари азы еиқәшаҳаҭхеит ҧхынҷкәын 14 рзы Бриуссель имҩаҧгаз х-ганктәи аиҧылараан, уи иалахәын Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишели, Азербаиџьан ахада Илҳам Алиеви, Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниани.

АИХ адыррақәа рыла, азербаиџьантәи аган  ашәамахь аруаа ааныркылеит 2021 шықәса ҧхынҷкәын 16 рзы,  аҳәынҭқарратә аҳәаа  Кельбаџьартәи ацыҧҵәахаҿы.

Ашәамахь аруаа рырхынҳәра афакт шьақәдырҕәҕәеит Шәамахьтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.