Естониа Ахада – Қырҭтәыла аҵакырадгьыл импыҵахалоуп убри аҟнытә  Евро Еидгыла алахәылара  аҭатәуп хымҧада  
Естониа Ахада – Қырҭтәыла аҵакырадгьыл импыҵахалоуп убри аҟнытә  Евро Еидгыла алахәылара  аҭатәуп хымҧада  

 

 

Евроеидгыла арҭбаара азҵаара еилдыргон ақалақь Блед имҩаҧысуаз астратегиатә афорум аҟны.

Афорум аҟны иалацәажәеит актуалра змаз азҵаарақәа, ипроблеманы иаанхоит иаҳҳәап Амраҭашәаратә Балкан, уи ианҧшылар ауп егьырҭ арегионқәа.

Естониа Ахада Керсти Кальиулаид лҳәамҭала иҟоуп егьырҭ ауадаҩрақәагьы Европа ахь иҧшуа арегионқәа, урҭгьы ирҭахәуп ашанс рырҭара.

‘Ишәгәалашәыршәа Қырҭтәыла. Қырҭтәыла аҧхьа ашәқәа заҳмыркыша мзызс иҟоу уи ампыҵахалара ауп. Уи ирҵаау фактым . Ампыҵахалара иахьагьы инагӡоит Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧсныи’- илҳәит Естониа Ахада.

Ахада лҳәамҭала  Қырҭтәыла иалшоит атәыла-реформаторс аҟалара, Амраҭашәаратәи Балкан еиҧш, убри аҟнытә уи иадгалатәуп ахеидкыла алахәылара. Уи мап ацәкра иаанаго Урыстәыла анырра Европа ахь азхаҵара ауп.