Ергнеҭи, атехникатә ҟазшьа змоу аиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа Чорчана ақыҭаҿ аҭагылазаашьа иалацәажәуеит
Ергнеҭи, атехникатә ҟазшьа змоу аиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа Чорчана ақыҭаҿ аҭагылазаашьа иалацәажәуеит

Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭра амеханизми аиҧылара аҧырхра анеҩс, Ергнеҭи атехникатә ҟазшьа змоу ахҧатәи аиҧылара мҩаҧысуеит. Аиҧылараҿы абжьацәажәаратә роль нарыгӡоит Евроеидгылеи Аусеицуреи Ашәарҭадареи Европатәи Аиҿкаареи рхаҭарнакцәа.

Аиҧылара алахәылацәа Чорчана ақыҭаҿ аҭагылазаашьа иалацәажәоит.  Иара убас, иахьатәи аиҧылараҿы, де-факто арежим ахаҭарнакцәа, импыҵахалоу ақыҭа Ҵнелисии Чорчанеи рыбжьара иҟоу аҵакырадгьыл ашәарҭадаратә зонас аҟаҵара иазку аинициативагьы иқәдыргылар ҟалап. Импыҵахалоу Цхинвал ахаҭарнак Мурат Џиоев ари аинициатива далацәажәеит аинформациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа данырҧылоз.

Қырҭтәыла ацентртә напхгара ахаҭарнакцәа Чорчана ақыҭаҿ аполициатә ҧыҧшырҭа ақәгара азҵаара иалацәажәом.