Ентони Блинкен – Қырҭтәыла еиԥш атәыла Нато астандартқәа рышьашәалара алшозар, алианс ашәқәа аартуп
Ентони Блинкен – Қырҭтәыла еиԥш атәыла Нато астандартқәа рышьашәалара алшозар, алианс ашәқәа аартуп

Қырҭтәыла еиԥш атәыла Нато астандартқәа рышьашәалара алшозар,  евроатлантикатә шәарҭадараҿ алагала алшозар, алианс ашәқәа аартуп, – иҳәеит ЕАШ ҿыц иалху ахада Џьо Баиден аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иҭыԥ ахь иқәиргылаз Ентони Блинкен ареспубликатәи партиа аҟынтә асенатор Ренди Пол изҵаара иаҭакны.

Нато арҭбаара иазку азҵаара Ентони Блинкен асенат адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет еилатәара аҿы изықәдыргылеит.

Блинкен иҟаиҵаиз аҳәамҭа иаҭакны, Ренди Пол ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла Нато алахәылас рыдыркылазҭгьы, алианс аусԥҟа ахәбатәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, ЕАШ-и Урыстәылеи рыбжьара еибашьра алагон, асенатор иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Нато алалара дадгылом.

Ари иаҭакны, Блинкен ишазгәеиҭаз ала, Урыстәыла агрессиа Нато иалам атәылақәа рганахьала мацара мҩаԥнагоит.