Емануел Макрон акоронавирус ҿикааит
Емануел Макрон акоронавирус ҿикааит

Франциа ахада Емануел Макрон акоронавирус ҿикааит.

Ари аинформациа аланарҵәеит афранцыз агентра  «Франc 24».

Франциа ахада игәабзиара аҭагылазаашьа иазку аинформациа макьана иҟам.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Франциа ахада  7мшы аҽыҧхьакраҿы дыҟазаауеит, анахарала аусура наигӡоит.

Франциа ахада атест ҟаиҵарц иӡбеит иара авирус азы иҟазшьарбагоу асимпомпқәа анизцәырҵ ашьҭахь.