Елгуџьа Цомаиа аӡбарҭаҿ ишазгәеиҭаз, Михеил Саакашвили Қырҭтәыла иаагара Гиа Лорҭқиԥаниӡе диҳәеит
Елгуџьа Цомаиа аӡбарҭаҿ ишазгәеиҭаз, Михеил Саакашвили Қырҭтәыла иаагара Гиа Лорҭқиԥаниӡе диҳәеит

Изакәанымкәа Михеил Саакашвили Қырҭтәыла иаагара аус азы иаанкылоу Елгуџьа Цомаиа аӡбарҭаҿ ишазгәеиҭаз, Михеил Саакашвили Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ԥасатәи ихаҭыԥуаҩ Гиа Лорҭқиԥаниӡе идҵала дааигеит.

Елгуџьа Цомаиа иажәақәа рыла, иареи Гиа Лорҭқиԥаниӡеи уаанӡагьы аимадара рыбжьан.

“Гиа Лорҭқиԥаниӡе зны дысзасын, анаҩс дысҭааит, Мхеил Саакашвили Қырҭтәыла ииагара улшома ҳәа. Ахара сыдуп ҳәа сыԥхьаӡоит, аха сыгәра згаз ҭабуп ҳәа расҳәоит. Қырҭтәыла цәыббра 27 рзы ҳааит,” – иҳәеит Цомаиа.

Цомаиа ишазгәеиҭаз ала, Михеил Саакашвили исасра иара изы апату дууп.

Изакәанымкәа Михеил Саакашвили Қырҭтәыла иаагара аус азы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ԥасатәи ихаҭыԥуаҩ Гиа Лорҭқиԥаниӡе иԥшаара ԥхынҷкәын 10 рзы иалагеитю