Елене Хоштариа  Саакашвили идгыларазы иахьа имҩаҧысуа  акциа иазкны
Елене Хоштариа  Саакашвили идгыларазы иахьа имҩаҧысуа  акциа иазкны

Апартиа  «Дроа» алидер  Елене Хоштариа ишылҳәаз ала,  лпартиа алахәылацәа иахьа Русҭавтәи абахҭа аҧхьа имҩаҧысуа акциашҟа инеиуам, избанзар алхраҧхьатәи акампаниа мҩаҧыргоит.

«Алхраҧхьатәи акампаниа мҩаҧаагоит,  аиҧыларақәа рацәоуп. Акциа ду аныҟаз,  ҳазынтәгьы уи ҳалахәын. Ажәлари активистцәеи абахҭа аҧхьа акциа ахьымҩаҧырго бзиоуп,  аха,  ҳара акциақәа зегьы ҳазрылахәхәом», — илҳәеит Хоштариа.

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили дахьҭаку русҭавтәи абахҭа аҧхьа уаха  акциа мҩаҧысуеит.