Елене Хоштариа -  Михаил Саакашвили аклиникашҟа диаргаанӡа ахәшәқәа сыдыскылом
Елене Хоштариа - Михаил Саакашвили аклиникашҟа диаргаанӡа ахәшәқәа сыдыскылом

Михаил Саакашвили аклиникашҟа диаргаанӡа ахәшәқәа сыдыскылом, — илҩит «Дроа» алидер Елене Хоштариа асоциалтә аҳаҿы. «Иаха шаанӡа аинформациа ҿыц сазыҧшын, агәра ганы сыҟан аҳақьымцәа абри аҟара абжьагарақәа аныҟарҵа ашьҭахь Саакашвили аклиникашҟа дшиарго. Иаха шаанӡа ари азҵаара сазхыцуан, атәылаҿы ишәарҭоу апроцессқәа мҩаҧысуеит. Уаҳа аамҭа ҳамам. Убри аҟынтә, Саакашвили аклиникашҟа диаргаанӡа, саргьы изакәызаалак хәшәык сыдыскылом. Уаҳа ҧсыхәа сымам. Ҭынч сызтәом. Саакашвили зыҧшра ҟамҵакәа аклиникашҟа диажәга!», — илҩит Елене Хоштариа.