Елене Хоштариа лҳәамҭала,  Апеллиациатә ӡбара абыжьқәа реиҭаҧхьаӡареи рҧаршеиреи иазку азыҳәамҭа нанамгӡар, лара Страсбургтәи аӡбарашҟа ашшыҧхьыӡ алалҵоит
Елене Хоштариа лҳәамҭала,  Апеллиациатә ӡбара абыжьқәа реиҭаҧхьаӡареи рҧаршеиреи иазку азыҳәамҭа нанамгӡар, лара Страсбургтәи аӡбарашҟа ашшыҧхьыӡ алалҵоит

Апартиа «Дроа»  абрифинг аҿы апартиа алидер Елене Хоштариа ишылҳәаз ала,  Апеллиациатә ӡбара абыжьқәа реиҭаҧхьаӡареи рҧаршеиреи иазку азыҳәамҭа нанамгӡар, лара Страсбургтәи аӡбарашҟа ашшыҧхьыӡ алалҵоит.

Елене Хоштариа лажәақәа рыла, азашшра 2 етапк иахысхьеит, аха, аокругтә алхратә комиссиақәеи ақалақьтә аӡбареи иҵаҵгәыркым ақәҵара рыдыркылеит.

«Дроа» алидер лҳәамҭала, абыжьқәа рыхьчаразы ақәҧара нагӡатәуп.

«Зҵакы дуу апрецедент  ҟалароуп.  Абри аус аҵыхәанӡа инаҳгоит.  Страсбург ақәҵара ҳауроуп, Қырҭтәыла ауааҧсыра абыжьқәа рҧаршеира аус аҿы аиааира ргароуп,»- илҳәеит  Елене Хоштариа.