Елене Хоштариа амлашьра даҟәыҵит
Елене Хоштариа амлашьра даҟәыҵит

Апартиа  «Дроа» алидер Елена Хоштариа амлашьра даҟәыҵит.

Хоштариа ари аӡбара лыдылкылеит Михаил Саакашвиил Гори иҟоу аклиникашҟа дшиарго атәы анлаҳа.

«Сколлегацәа ирҳаз саҳаит, ииагара аан аилаҩынтәра ҟалар ауеит. Арратә госпиталь ахь дшиарго ансаҳа амлашьра саҟәыҵырц сыӡбеит.  Аха, аполитикатә ақәҧара нагӡахоит. Уажәы аҳақьым сизҧшуп. Амлашьра ашьҭахь аиҭашьақәыргылара апроцесс даараӡа иуадаҩуп», — илҳәеит Елене Хоштариа.