Екатерине Тикараӡе – Урыстәылатәи алаҵа аахәара ҳгәы иҭам
Екатерине Тикараӡе – Урыстәылатәи алаҵа аахәара ҳгәы иҭам

Хлаҵак рыдкылара ҳалшоит, аха урыстәылатәи алаҵа аахәара ҳгәы иҭам, – илҳәеит Агәабзиарахьчара аминистррахь акандидат Екатерине Тикараӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.

Тикараӡе лажәақәа рыла, атәыла амасштаб ала, авакцина аизшареи апациентцәа ишәарҭамкәа алаҵақәа рзыҟазара алшара иҟоуп.

«Урыстәылатәи алаҵа аахәара ҳгәы иҭам, аха урыстылатәи алаҵа «Ковакс афонд» ахьалахәу иазыԥхьагәаҭоуп. Уи адунеи аҿы азхаҵара аиур, Қырҭтәыла мацара акәымкәа, егьырҭ атәылақәагьы аархәоит, аха иахьазы ари азҵаара игылам,» – илҳәеит Тикараӡе.

Аминистррахь акандидат лажәақәа рыла, алаҵа Қырҭтәыла хәажәкыразы ааргоит.

«Ахә 25% иҳшәахьеит, ари 16 миллион иа кароуп,» – илҳәеит Тикараӡе.