Екатерина Тикараӡеи  Келли Дегнани Қырҭтәыла аепидҭагылазаашьеи авакцинациа апрограмма анагӡашьеи иалацәажәеит
Екатерина Тикараӡеи  Келли Дегнани Қырҭтәыла аепидҭагылазаашьеи авакцинациа апрограмма анагӡашьеи иалацәажәеит

Агәабзиарахьчара аминистр  Екатерина Тикарадзе  Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ   Келли Дегнан дылҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа  Қырҭтәыла аепидҭагылазаашьеи авакцинациа апрограмма анагӡашьеи иалацәажәеит.

Аиҧылараан хшыҩзышьҭра зызуз азҵаарақәа иреиуп авакцинациа апрограмма арҭбаареи, абри ахырхарҭала абизнес арлахҿыхреи,  «анашьҭыга иаҵәа» азҵаареи.

Агәабзиарахьчара аминистр ишылҳәаз ала,  «анашьҭыга иаҵәа» аҵакы ду амоуп, избанзар уи ауаа ршәарҭадара ахьчаразы авакцинациа апроцесс арҭбаара иацхраауеит.

Аиҧылара ашьҭахь Америка ахада ишазгәалҭаз ала,   «анашьҭыга иаҵәа» активла рхы иадырхәоит егьырҭ атәылақәа рҿгьы.