Екатерина Тикараӡе  -  Гогелиа иклиника агәаҭара иалагахьеит, уажәтәи аетап азы ишьақәырҕәҕәоуп апациентцәа агрипп аҽыхьчаратә вакцина ацынхәрас авитамин С шырзыҟарҵаз
Екатерина Тикараӡе  -  Гогелиа иклиника агәаҭара иалагахьеит, уажәтәи аетап азы ишьақәырҕәҕәоуп апациентцәа агрипп аҽыхьчаратә вакцина ацынхәрас авитамин С шырзыҟарҵаз

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡе ишылҳәаз ала, Ахылаҧшратә агентра Гогелиа иклиникаҿы иҟалаз афакт аҭҵаара иалагахьеит.

Тикараӡе лҳәамҭала, авитамин С ззыҟарҵаз ауаа ргәабзиара ашәарҭара иҭагылам, аха, уезгьы, дара аҳақьымцәа рхылаҧшра аҵаҟа иҟазаауеит.

«Уажәтәи аетап азы ишьақәырҕәҕәоуп апациентцәа агрипп аҽыхьчаратә вакцина ацынхәрас авитамин С шырзыҟарҵаз. Зыӡбахәы ҳәоу аклиника аус апрокуратурашҟа идәықәҵоуп,», — илҳәеит Екатерина Тикараӡе.