Екатерина Тикараӡе Егры ацҳаҿ иҟоу авакцинациа ацентр даҭааит
Екатерина Тикараӡе Егры ацҳаҿ иҟоу авакцинациа ацентр даҭааит

Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистр Екатерина Тикараӡе Егры ацҳаҿ иҟоу авакцинациа ацентр даҭааит.

Аминистрра адыррақәа рыла, аминистр даҽазнык ажәлар рахь ааҧхьара ҟалҵеит авакцинациа апроцесс активла рхы аладырхәырц.

Егры ацҳаҿы алаҵақәа ҟарҵоит импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҟынтә ииасыз ауааҧсыра. Амедицинатә центр аресурсқәа зегьы рыла еиқәыршәоуп.

Ауааҧсыра зегьы, есымша, аҧсшьарамшқәа рзгьы, дара ирҭаху авакцина ҟарҵар рылшоит.