Екатерина Тикараӡе Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан дылҧылеит
Екатерина Тикараӡе Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан дылҧылеит

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡе Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан дылҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Агәабзирахьчара аминистрра.

Аусбарҭа адырра ала, аганқәа рхаҭарнакцәа авакцинациа иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аминистрра аҳәамҭа ишану ала, аиҧылара алахәылацәа америкатә аган аҟынтә авакцина адонациеи, алогистикеи, авакцинациа апроцесс аҿы иҟоу апроблемақәеи урҭ рыӡбашьеи иалацәажәеит.