Екатерина Тикараӡе  - Агәабзиарахьчара асектор аҿы аиарҭаҭыҧқәа аанымхеит, абри ахырхарҭала аусура ҳаҿуп, аха, аресурсқәа ҳацәмаҷуп
Екатерина Тикараӡе  - Агәабзиарахьчара асектор аҿы аиарҭаҭыҧқәа аанымхеит, абри ахырхарҭала аусура ҳаҿуп, аха, аресурсқәа ҳацәмаҷуп

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр  Екатерина Тикараӡе лҳәамҭала, агәабзиарахьчара асектор аҿы аиарҭаҭыҧқәа аанымхеит.

Аминистр лажәақәа рыла, ари ахырхарҭала аусура иаҿуп, аха, аресурсқәа рыцәмаҷуп.

«Агәабзиарахьчара асектор аҿы аиарҭаҭыҧқәа аанымхеит, абри ахырхарҭла аусура ҳаҿуп, аха, аресурсқәа ҳацәмаҷуп. Иара убас, аҳақьымцәагьы уаҳа рылшом,  иааҧсеит,  уигьы иазҧхьагәаҭатәуп, дара шықәсыкибжаки абри арежим аҿы аус руеит. Ажәлар срыҳәар сҭахуп аҳақьымцәа ирыдгыларц, ауаа рацәа рылахәызаара ала ауснагӡатәқәа мҩаҧыжәымган, избанзар уи ауп, бжеиҳарала, авирус аларҵәара зыхҟьо», — илҳәеит Ҭикараӡе.