Екатерина Тикараӡе  -  60 шықәса зхыҵуа ауааҧсыра реиҳара алаҵақәа ҟарымҵар, ахәышәтәырҭақәа рҿы аҭыҧқәа ҳацәмаҷхоит, аҧсҭбара духоит
Екатерина Тикараӡе  -  60 шықәса зхыҵуа ауааҧсыра реиҳара алаҵақәа ҟарымҵар, ахәышәтәырҭақәа рҿы аҭыҧқәа ҳацәмаҷхоит, аҧсҭбара духоит

«Ҳара арегионқәа рҿы раҧхьатәи агәабзиарахьчара аҳақьымцәа рҟны иакымкәа аиҧылрақәа мҩаҧаагеит. Ажәлар рҟны аимадара иадҳәаланы абжьагарақәа  раҳҭеит.  Иара убас, активра ахьылаҟу араионқәа зегьы аадыруеит. Авакцинациа аласра ацҵатәуп.  60 шықәса еиҳаны изхыҵуа рҟынтә алаҵақәа ҟазҵаз рацәам. Абри ақәратә гәыҧ ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, избанзар, дара роуп, бжеиҳарала, агоспитализациеи, ареанимациатә аҟәшақәеи зҭаху, дара рыгәҭа аҧсҭабара дууп. Анеҩстәи аковид-ацәқәырҧа ҟалаанӡа арҭ ауаа алаҵақәа ҟарымҵар, ахәышәтәырҭақәа рҿы аҭыҧқәа ҳацәмаҷхоит, аҧсҭбара духоит.   Иахьазы  60 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыра рыгәҭа авакцинациа аҩаӡара лаҟәып,  21% мацароуп алаҵақәа ҟазҵахьоу, уи даараӡа имаҷуп», — илҳәеит Тикараӡе.