Еиуеиԥшым асферақәа рхаҭарнакцәа апарламент аԥхьа акциа мҩаԥыргеит
Еиуеиԥшым асферақәа рхаҭарнакцәа апарламент аԥхьа акциа мҩаԥыргеит

Аҵысра «Асоцԥжәара» аиҿкаара ала, апарламент аԥхьа акциа мҩаԥыргеит. Еиуеиԥшым ахырхаҭақәа рхаҭарнакцәа иҟоу аԥкрақәа раԥыхреи аекономика аартреи ртахуп.

Қарҭ, Русҭавели имҩаду аҿы еизаз акциа алахәылацәа иреиуан ашьха-шәаҩатә курортқәа рхаҭарнакцәеи, агидцәеи, арестораторцәеи, аҟазацәеи, афитнесс клубқәеи рхаҭарнакцәа.

Акциа-перформанс аҳәаақәа ирҭагӡаны апарламент ахыбра аԥхьа имҩаԥысыз акциа рхы аладырхәит аполитикцәагьы.