Еиҧҟьарадатәи ареисқәа еиҭалагоит иахьа инаркны
Еиҧҟьарадатәи ареисқәа еиҭалагоит иахьа инаркны

Еиҧҟьарадатәи ареисқәа еиҭалагоит иахьа инаркны. Аӡбара рыдыркылеит Аустарҭабжьаратә а координациатә хеилак аилатәара аҿы.

Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр Наҭиа Турнава лажәақәа рыла, аԥыррақәа рганахьала иҟаз аԥкрақәа раԥыхра атәыла аҿиара аус азы даара ихырҳагоуп.

«Жәабран 1 инаркны еиҧҟьарадатәи аресиқәа рзы аҧкрақәа раҧыхра ҟалоит ҳәа иҳаӡбеит. Иахьазы Қырҭтәыла аус зуа авиаеилахәырақәа зегьы,  иара убас,  Қырҭтәыла аусура иалагар зҭаху аилахәырақәагьы,  еиҧҟьарадатәи ареисқәа рплан аиқәыршәара иалагар рылшоит.  Ҳәарада, ареисқәа мҩаҧгазаауеит амедицинатә протоколқәеи ашәарҭадара аҧҟарақәеи иазҧхьагәаҭаны. Адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рҿы ари апроцесс иалагахьеит. Адунеи аҿы,  атуризм аганахьала зегьы реиҳа ҳзызҿлымҳау атәылақәа рҿгьы,  авакцинациа апроцесс  иалагахьеит,  убри аҟынтә ааҧынра инаркны,  атуристцәа рыдкылара ҳалшап ҳәа  ҳгәыҕуеит », — илҳәеит Турнава.

Аҳаиртә мҩала Қырҭтәыла иаҭаауа Қырҭтәылеи атәым тәылақәеи ртәылауаа рзы аҳәаа ахысра арежим мариахоит.

Лымкаала, аҳаиртә аҳәаа ахысра арежим ҿыц инақәыршәаны, жәабаран 1 инаркны, Қырҭтәыла атәылауаа дара ирзыманшәалоу аҧҟара алырхыр рылшоит. Дара атәылашҟа ианаауа PCR-тест мапкратә аҭак рымазар, 8мшы аҽыҧхьакраҿы иҟазаауеит, мамзаргьы, аҽыҧхьакра ацынхәрас, ахҧатәи амш азы рхатә харџьла, хымҧада PCR-тест еиҭаҟарҵароуп. Аҳәаа ахысра аан PCR-тест мапкратә аҭак змам Қырҭтәыла атәылауаа, иахьазы ишьақәыргылоу 12 мштәи аҽыҧхьакра ацынхәрас, 8мшы аҽыҧхьакраҿы иҟазаауеит.

Қырҭәтыла иаҭаауа атәымтәылауаа, аҳәаа ахысра аан аковидвакцинациа акурс наӡа ишахысыз зыршаҳаҭуа адокумент рыцзар, уадаҩрала атәыла иалалар рылшоит.

Аҽыҧхьакра рықәшәом авакцина ҟазымҵаз атәымтәылауаа, урҭ иреиуп Евроеидгылеи, Израили, Швеицариеи, Америкеи, Саудтәи Аравиеи, Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи, Баҳреини ртәылауаа. Дара атранзитлагьы Қырҭтәыла иаауазар, аҳәааҿы ицәырыргароуп аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵаз PCR-тест мапкратә аҭак, анеҩс, атәыла ианалалалак, ахҧатәи амш азы рхатә харџьла PCR-тест еиҭаҟарҵароуп.

Иара убас, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак авиаеилахәырақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵаз атест аҭак, ма аковидвакцинациа ахысра зыршаҳаҭуа адокумент змам атәымтәылауаа аҳаирплан ашҟа инармышьҭырц.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, аепидемиологиатә шәарҭарақәа иазҧхьагәаҭаны, адгьылтә аҳәааҿы уажәазы амч змоу арежим аанхоит. Аҧыза-министр идҵала, иашьашәалоу аусбарҭақәа, адгьылтә аҳәаа ала атәыла алаларазы арежим ҿыц аус адулара иаҿуп, аамҭакала, аепидемиологиатә тенденциақәа ирыцклаҧшуеит, аҿыц аӡбарақәа рыдыркылоит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инақәыршәаны.