ЕАШ "Модерна" адистрибуциа алагеит
ЕАШ "Модерна" адистрибуциа алагеит
ЕАШ “Модерна” алауҵа адистрибуциа алагеит. Ари атәы аанацҳаит “Роитер”.
Адистрибуциа актәи аетап аҿы ашәахьанӡа “Covid-19” азы алаҵа 3700 амедицинатә центрқәа рызнаргоит.
“Модерна” аԥнаҵаз акоронавирус азы авакцина ЕАШ афатәаалыҵи ахәшәқәеи радминистрациа зхархәара иақәшаҳаҭыз аҩбатәи алаҵоуп.