ЕАШ-и Урыстәылеи рхаҭарнакцәа Женева аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит
ЕАШ-и Урыстәылеи рхаҭарнакцәа Женева аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит

ЕАШ-и Урыстәылеи рхаҭарнакцәа Швеицариа Женева ақалақь аҿы ажьырныҳәа 10 рзы астратегиатә аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит. Мраҭашәаратәи аих ишаарыцҳаз ала, Украина аҳәаақәа рааигәара урыстәылатәи арратә мчқәа рконцентрациа иахҟьаны ЕАШ-и Европеи агәыҭынчымра аадырԥшуеит.

Аилацәажәарақәа рҿы Урыстәыла дҵа хаданы иқәнаргылоит Нато мрагыларатә ахырхарҭала арҭбаареи Украина Нато аракетақәа рыргылареи рзы мап ацәкра иазку агарантиақәа раиура. Аха, ЕАШ аҟынтә ишаарыц хаз, аилацәажәарақәа раан, “иарбанзаала ахыдҵақәа” рыхцәажәом, ирылацәажәоит ашәарҭадара зҵаарақәа мацара.

Мрагыларатә Украина арратә хәҭақәа рмобилизациа рылаҳәоуп.