ЕАШ арратә аӷбеи Нато адгылаҩцәеи апартниорцәеи Амшын Еиқәаҿ аоперациа еицымҩаԥыргоит
ЕАШ арратә аӷбеи Нато адгылаҩцәеи апартниорцәеи Амшын Еиқәаҿ аоперациа еицымҩаԥыргоит

ЕАШ арратә-мшынтә мчқәа рыӷба Mount Whitney Амшын Еиқәахь ахы рхоуп. ЕАШ афбатәи афлот аланарҵәаз адыррақәа рыла, арратә аӷбеи Нато адгылаҩцәеи апартниорцәеи Амшын Еиқәаҿ аоперациа еицымҩаԥыргоит.

Аӷбаҿ ЕАШ афбатәи афлот аштаби Нато арратә-мшынтә  асга мчқәа рхаҭарнакцәа иҟоуп.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы ЕАШ-и Нато-и рԥызацәа Адгьылбжьаратәи мшыни Амшын Еиқәеи рҿы аоперациақәа рылагара иазку аҳәамҭа ҟарҵеит. Аоперациақәа хықәкыс ирымоуп арегион аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи реиқәыршәара. Ари ада, ҩымш раԥхьа, Амшын Еиқәа аӡымҽхакырахь иҭалеит амҵәыжәҩақәа змоу аракетақәа рыла еибыҭоу аӷба “Портер”.