ЕАШ алхыҩцәа рколлегиа аланарҵәаз аҳәамҭала, апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира игеит Џьо Баиден
ЕАШ алхыҩцәа рколлегиа аланарҵәаз аҳәамҭала, апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира игеит Џьо Баиден

ЕАШ алхыҩцәа рколлегиаҿ алхрақәа рылҵшәақәа рыларҳәеит, 306 бжьы иоуит  Џьо Баиден, 232 бжьы иконкурент. ЕАШ алхыҩцәа рколлегиа аланарҵәаз аҳәамҭала, апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира игеит Џьо Баиден. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

Абжьыҭира ахьымҩаԥгаз аҵыхәтәантәи аштат Калифорниа акәын, уа 538-ҩык рыла ишьақәгылоу аколлегиаҿ ари аштат 55 бжьы амоуп, ари аштат ауп Џьо Баиден аиааиразы игыз 270 бжьы заазгаз.

Аколлегиа ишьақәырӷәӷәоу алҵшәақәа аофициалла ажьырныҳәа 6 рзы рыларҳәоит. Ажьырныҳәа 20 рзы апрезидент иинаугурациа мҩаԥысуеит.