ЕАШ аҳәынҭдепартамент - Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Михеил Саакашвили иганахьала иҳақу азыҟазаара хәдықәҵара азырурц
ЕАШ аҳәынҭдепартамент - Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Михеил Саакашвили иганахьала иҳақу азыҟазаара хәдықәҵара азырурц

ЕАШ аҳәынҭдепартамент  Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили иганахьала иҳақу азыҟазаара хәдықәҵара азырурц, – ари атәы абрифинг аҿы ааицҳаит аусҳәарҭа апресспикер Нед Праис.

“Ахҭысқәа ахшыҩ азышьҭны ҳахылаԥшуеит. Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Қырҭтәыла азакәанԥҵареи ауаҩытәыҩса изинқәа рхырхарҭала Қырҭтәыла амоу ахыдҵақәеи шьаҭас рыҭаны,  Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили иганахьала иҳақу азыҟазаара хәдықәҵара азырурц,” – иҳәеит Нед Праис.