ЕАШ 46-тәи ахада иинаугурациазы рҽазыҟарҵоит
ЕАШ 46-тәи ахада иинаугурациазы рҽазыҟарҵоит

Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы 46-тәи ахада иинаугурациазы рҽазыҟарҵоит. Иахьа Џьо Баидени Камала Ҳарриси ҭоуба шьтаҵара ашьҭахь аофициалла рнапынҵақәа рынагӡара иалагоит. Ацеремониа Вашингтон мҩаԥгахоит. Ажьырныҳәа 6 рзы капитоли ажәылара ашьҭахь, аҳҭнықалақь аҿы иацҵаны аполициатә мчқәеи амилаҭтә гвардиа хәҭақәеи иаган.

Аинаугурациа аҽны Вашингтон амҩақәа рҿы ашәарҭадара рыхьчоит 25 нызқьҩык амилаҭтә гвардиа хаҭарнакцәа.

Ақалақь аҿы амҩақәеи аметро ааҭгыларақәеи рыхәҭа аркуп.

Акоронавирус иахьҟьаны, аинаугурациахь иааԥхьоу ауаа рхыԥхьаӡара маҷуп.

Џьо Баиден иинаугурациа ацеремониал аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысран иҟоу ауснагӡатәқәа реиҳара авиртуалтә форматла мҩаԥгахоит.

ЕАШ 46-тәи ахада капитоли аԥхьа ҭоуба шьҭаиҵоит, уи ашьҭахь Арлингтонтәи анышәынҭрахь дцаны, идырым аруаҩ инышәынҭраҿ ашәҭқәа шьҭаиҵоит.

Џьо Баиден иинаугурациа ихы алаирхәом ЕАШ ԥасатәи ахада Дональд Трамп. Уи Аҩны шкәакәа ажьырныҳәа 20 рзы дықәҵуеит. ЕАШ 46-тәи ахада иинаугурациашҟа днеиуеит ЕАШ ԥасатәи вице ахада Маик Пенс.

Ацеремониаҿ Америка агимн налыгӡоит Леди Гага.