ЕАР еиуеиҧшым апроектқәа рынагӡаразы Қырҭәтыла 100 миллион доллар азалнахуеит
ЕАР еиуеиҧшым апроектқәа рынагӡаразы Қырҭәтыла 100 миллион доллар азалнахуеит

ЕАР 16 агентра 20192020 шш. рзы Қырҭтәылаҿ еиуеиҧшым апроектқәа рынагӡаразы  100 миллион доллар алырхуеит. Иаауа ашықәсқәа рприоритетқәа рпрезентациа ЕАР аанарҧшит 2018 шықәсатәи аҳасабырба ацәыргараан.

Аиҧылараҿы априоритет змаз ахырхарҭақәа рылҵшәақәа ҽ адемокартиатә напхгараҭареи, аусурҭала аиқәыршәареи, асоциалтә хьчареи, аҵареи, агәабзиарахьчареи, ауааҧсыра ршәарҭадареи, иҭышәынтәалоу аҿиареи ирызкыз азҵаарақәа ирзааҭгылеит. ЕАР агәаанагара ала, 2018 шықәсазы Қырҭтәыла ақәҿиарақәа иреиуоуп апарламент аартызаара азҳареи атәылауаҩцәа рҽалархәреи, аџьа ашәарҭадара иазку азакәан адкылареи, аҭаҭын ахылаҧшра иазку азакәан адкылареи уҳәа уб. егь.