Джеими Шеа – Қырҭтәылеи Украинеи шаҟа иҭышәынтәалазаауа, шаҟа НАТО иазааигәахо  аҟара,  НАТО ахыхьчара иаҳа иҕәҕәазаауеит
Джеими Шеа – Қырҭтәылеи Украинеи шаҟа иҭышәынтәалазаауа, шаҟа НАТО иазааигәахо  аҟара,  НАТО ахыхьчара иаҳа иҕәҕәазаауеит

Амшын еиқәа аҵакы ду анашьазароуп, уи Қырҭтәылеи Украинеи ршәарҭадара арҕәҕәоит, — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ицхырааҩ ҧасатәи ихаҭыҧуаҩ  Джеими Шеа   «Ақырҭуа радио» аинтервиу анеиҭоз.

Иара Америка атәылахьчара аминистр Ллоид Остин Қырҭтәыла ивизит ибзины дахцәажәеит.

«Қырҭтәылеи Украинеи шаҟа иҭышәынтәалазаауа, шаҟа НАТО иазааигәахо аҟара, НАТО ахыхьчара иаҳа иҕәҕәазаауеит, НАТО алахәылацәа уи ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит. Америка атәылахьчара аминистр Қырҭтәыла ивизити уажәааны имҩаҧгаз арратә азыҟаҵарақәеи Амшын еиқәа арегион аҿы аҭагылазаашьа иадҳәалан, уи НАТО ахыхьчара аплан ҿыц аҿы крызҵазкәа компонентуп. Ҳара алианс алахәылацәа  — Америкеи, Британиа Дуи, Франциеи, Германтәылеи рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Амшын еиқәа арегион аҿы рхаҭарнакра дырҭбаарц. Абри зегьы Қырҭтәылеи Украинеи ршәарҭадара арҕәҕәоит. Иахьа имҩаҧгаз аминистериал аҿы иаҵшьны иазгәаҭан НАТО ашә шаарту, уи даараӡа ибзиоуп, ҳара ари ахырхарҭала аусура наҳагӡоит, Америка аҟынтәгьы иҳаҳар ҳҭахуп дара Иаарту ашә аполитика ишақәшаҳаҭу», — иҳәеит  Джеими Шеа.