Дуниа Миатович – Қырҭтәыла апарламент Аҳәынҭқарратә инспектор имаҵзура ихьыҧшым аусура иаҧырхагоу азакәан адкылара мап ацәыркроуп
Дуниа Миатович – Қырҭтәыла апарламент Аҳәынҭқарратә инспектор имаҵзура ихьыҧшым аусура иаҧырхагоу азакәан адкылара мап ацәыркроуп

«Қырҭтәыла апарламент Аҳәынҭқарратә инспектор имаҵзура ихьыҧшым аусура иаҧырхагоу азакәан адкылара мап ацәыркроуп», — ари аҳәамҭа ҟалҵеит ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Еврокомиссар Дуниа Миатович.

«Сара Қырҭтәыла апарламентахь ааҧхьара ҟасҵоит Аҳәынҭқарратә инспектор имаҵзура аҧыхра иазку азакәан иахәҭоу аконсультациақәа мҩаҧымгакәа ирыдрымкыларц. Зыӡбахәы ҳәоу азакәан рыдыркылар,  Қырҭтәыла ихьыҧшым амилаҭтә зинхьчаратә механизмқәа ҧсыҽхоит», — илҳәеит еврокомиссар.