Дональд Трамп Маик Пенс иахь  -  Афырхаҵара ҷыда анаарҧштәу аамҭа ҳҭагылоуп
Дональд Трамп Маик Пенс иахь  -  Афырхаҵара ҷыда анаарҧштәу аамҭа ҳҭагылоуп

Америка ахада Дональд Трамп атәыла авице-ахада Маик Пенс иахь ааҧхьара ҟаиҵеит  Америка Аконгресс аҿы  алхрақәа рылҵшәақәа шьақәдырҕәҕәаанӡа,   алхрақәа рылҵшәақәа  еимактәыс ахьыҟоу аштатқәа рҿы алхыҩцәа рбыжьқәа мап рцәикырц.  Трамп игәаанагарала, аҵыхәтәантәи алҵшәақәа рыла иара Америка ахада иалхрақәа рҿы аиааира игоит.

«Аштатқәа абжьыҭира алҵшәақәа дыриашар рҭахуп, избанзар алхратә процесс аан аилагарақәа шырацәаз рдыруеит, уи адагьы, акоррупциатә процесс хаангьы азакәанҧҵаратә ашьақәырҕәҕәара амоуӡацт.  Маик Пенс аштатақәа абиуллетенқәа рзыхынҳәра иуалуп, уи ҟаиҵар, ҳара аиааира ҳгоит. Иҟаҵа, Маик, афырхаҵара ҷыда анаарҧштәу аамҭа ҳҭагылоуп», — иҩит Дональд Трамп  Twitter аҿы.