Дмитри Саӡаглишвили - Михеил Саакашвили игәаанагарала, Жәлар рыхьчаҩ еиҿылкааз аҳақьымцәа ргәыҧ аквалификациа бзиеи анамыси аадырԥшит
Дмитри Саӡаглишвили - Михеил Саакашвили игәаанагарала, Жәлар рыхьчаҩ еиҿылкааз аҳақьымцәа ргәыҧ аквалификациа бзиеи анамыси аадырԥшит

Михеил Саакашвили иҭагылазаашьа есымша цәгьахоит. Акризис ма афаталтә лҵшәа аныҟало аӡәгьы издыруам. Аха Михеил Саакашвили игәаанагарала, Жәлар рыхьчаҩ еиҿылкааз аҳақьымцәа ргәыҧ аквалификациа бзиеи анамыси аадырԥшит, – иҳәеит Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили идукат, Дмитри Саӡаглишвили.

Саӡаглишвили иахьа Глдани иҟоу 18-тәи аусҳәарҭаҿ иҟоу Михеил Саакашвили диҭааит.

Жәлар рыхьчаҩ еиҿылкааз аҳақьымцәа ргәыҧ Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа иазкны аҳасабырба цәырыргеит. Аҳасабырба ишану ала,  48 мшы инагӡо амлашьреи,  астресси,  аҽыхәшәтәра мап ацәкреи амшала,  Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа цәгьахеит. Аҳақьымцәа раҳасабырба инақәыршәаны,  ахәышәтәратә усбарҭа  №18 аҿы зтехнологиа ҳараку аҭҵаарақәа рымҩаҧгара алшара иҟам. Уажәазы аҭыҧаҿы иҟоуп ареанимациатә бригада, дара уахгьы-ҽынгьы аус руеит, аха, апациент ихәышәтәразы иаҭаху  аспециалистцәа рыхәҭак аусбарҭаҿ иҟам. Саакашвили  деицәахар, аҭагылазаашьа ахылаҧшразы аҭыҧаҿы иҟоу аспециалистцәа иазхом.