Дмитри Кулеба - Саакашвили – ҳтәылауаҩ иоуп, ҳара ҳицхраауеит, арыцҳара иақәшәаз Украина атәылауаҩ цыҧхьаӡа ҳицхраауеит
Дмитри Кулеба - Саакашвили – ҳтәылауаҩ иоуп, ҳара ҳицхраауеит, арыцҳара иақәшәаз Украина атәылауаҩ цыҧхьаӡа ҳицхраауеит

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр  Дмитри Кулеба   Михаил Саакашвили Қырҭтәыла ибаандаҩтәра дахцәажәеит. Ари аинформациа аладырҵәеит украинатәи АИХ.

Аҭыҧантәи АИХ иреиҭаз аинтервиу аҿы Кулеба ишиҳәаз ала, Михаил Саакашвили Украина датәылауаҩуп, убри аҟынтә, Украина ицхраауеит.

Кулеба иажәақәа рыла, аҭагылазаашьа алацәажәаразы  иахьа Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра даҭаауеит Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ.  Кулеба ишиҳәаз ала, Украина, арыцҳара иақәшәаз ахатә тәылауаа зегьы ирыцхраауеит.