Давид Залкалиани – Хара имгакәа асаммитқәа рҿы иаарту ашәқәа рполитика ахырхарҭала иҟоу иконкрету алҵшәақәа иаабоит ҳәа сгәы иаанагоит
Давид Залкалиани – Хара имгакәа асаммитқәа рҿы иаарту ашәқәа рполитика ахырхарҭала иҟоу иконкрету алҵшәақәа иаабоит ҳәа сгәы иаанагоит

Аҵак ду змоу визитуп, астратегиатә ҳпартниори ҳареи иҳабжьоу атемақәа рацәаны ҳрыхцәажәароуп,  – иҳәеит Қырҭтәыла авице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани Украинаҿ авизит данахцәажәоз.

«Ихадоу ҩхырхарҭак европатәии евроатлантикатәии ахырхаҭақәа роуп. Арҭ ахырхарҭақәа рганахтала акоординациа змоу аусеицура аҭахуп,ашьаҿақәа еицыҟаҵатәуп. Хара имгакуа аҵак ду змоу ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит – Нато асаммити Мрагыларатә партниорра асамити, свизит аҳәаақәа ирҭагӡаны асаммитқәа мҩаԥгаанӡа еицыҟаҳҵо ашьаҿақәа ҳрыхцәажәоит.

Хара имгакәа асаммитқәа рҿы иаарту ашәқәа рполитика ахырхарҭала иҟоу иконкрету алҵшәақәа иаабоит ҳәа сгәы иаанагоит,» – иҳәеит Қырҭтәыла авице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани