Давид Залкалиани Аахыҵ Кавкази Агәҭанытәи Азиеи рҿы Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыдас Хавиер Коломина иқәыргылара идиныҳәалеит
Давид Залкалиани Аахыҵ Кавкази Агәҭанытәи Азиеи рҿы Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыдас Хавиер Коломина иқәыргылара идиныҳәалеит

Аахыҵ Кавкази Агәҭанытәи Азиеи рҿы Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда иҭып ааникылеит Хавиер Коломина.

Қырҭтәыла вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани асоциалтә каҭа “Твиттр” аҿы импаниатәи адипломат апозициа ҿыц аанкылара идиныҳәалеит.

“Хавиер Коломина  Аахыҵ Кавкази Агәҭанытәи Азиеи рҿы Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда ипозициа аанкылара идысныҳәалоит. Қырҭтәыла алианс алалара хықәкыс амоуп. Ҳамчқәа еидкыланы ҳхықәкы анагӡара ҳалшап ҳәа агәразгоит,” –  иҩит Злкалиани.

Уаанӡа Аахыҵ Кавкази Агәҭанытәи Азиеи рҿы Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда иҭыԥ ааникылон Џьеимс Аппатураи.