Давиҭ Залкалиани – Қырҭтәыла  НАТО аминистериал анеҩстәи аиҧыларашҟа ааҧхьара аиуит,  ҳтәыла  даҽазнык азхаҵара аиуит
Давиҭ Залкалиани – Қырҭтәыла  НАТО аминистериал анеҩстәи аиҧыларашҟа ааҧхьара аиуит,  ҳтәыла  даҽазнык азхаҵара аиуит

Қырҭтәыла, ҧхынҷкәын алагамҭазы имҩаҧысуа    НАТО аминистериал анеҩстәи аиҧыларашҟа ааҧхьара аиуит,  ҳара уи даараӡа ҳаигәырҕьоит,  ҳтәыла, Украина инаваргыланы, НАТО алаларазы апретенден – тәыла ҳасабала  даҽазнык азхаҵара аиуит,  — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ  Залкалиани.

Иара иажәақәа рыла, абри аҩыза ашьаҿақәа НАТО азааигәахара иацхраауеит.

«2018 шықәсазы, раҧхьаӡа акәны,   НАТО-Қырҭтәыла-Украина асаммит ашҟа ааҧхьара ҳауит, убри аамышьҭахь, аминистрратә форматқәа рахьгьы  ааҧхьара ҳарҭеит.  НАТО алахәылацәа  даҽанык аадырҧшит ҳинициативақәа ишрықәшаҳаҭу. Абри зегьы НАТО ашҟа ҳтәыла аинтеграциа иацхраауеит», — иҳәеит Залкалиани.