Давиҭ Залкалиани – Қырҭтәыла Аглобалтә антитеррористтә каолициа активла иалахәыуп
Давиҭ Залкалиани – Қырҭтәыла Аглобалтә антитеррористтә каолициа активла иалахәыуп

 

Қырҭтәыла Аглобалтә антитеррористтә каолициа активла иалахәып. Абри ауп сара сажәахәы аҿы сызлацәажәоз, насгьы, ҳаҧхьаҟа иҟаҳҵар иҳалшо аусқәагьы сырзааҭгылеит», — Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани  ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Рим имҩаҧысуа аконференциаҿы.

«Ҳара абри ақәҧараҿы крызҵазкәа алагала ҟаҳҵеит, ҳаҧхьаҟагьы ҳпартниорцәа аус рыцаауеит, уи аҵакы ду амоуп. Ҳаруаа хәы змам алагала ҟарҵеит Афганистан антитеррористтә операциаҿы», — иҳәеит Залкалиани.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла, ҧасеиҧш, акаолициатә мчқәа Афганистан аоперациа аамышьҭахь  рхы иадырхәо атранзиттә тәылас иаанхоит.

Рим, Исламтәи аҳәынҭқарра иаҿагылоу Аглобалтә каолициа аминистрцәа рконференциа мҩаҧысуеит. Апленартә аилатәара аадыртит  Италиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Луиџьи Ди Мариои Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени.  Аартра ацермониа ашьҭахь, аҩбатәи асессиа алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылеит аделегациақәа рнапхгаҩцәа.

Ажәахәҟаҵаҩцәа дреиун Қырҭтәыла адәныҟатәиа усқәа рминистр Давиҭ Залкалиани. Иаркыз аилатәараҿы иқәгылеит Ираҟи, Иорданиеи, Ливани, Ҟатари, Бельгиеи, Косовои, Молдовеи, Черногориеи, Португалиеи, Британиа Дуи рхаҭарнакцәа.