Давиҭ Залкалиани НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ ҭелла диацәажәеит
Давиҭ Залкалиани НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ ҭелла диацәажәеит

 

Авице-аҧыза, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ  Мирча Џьоане ҭелла диацәажәеит. Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, аганқәа рхаҭарнакцәа, европатәи ашәарҭадара азҵааразы  Урыстәылеи НАТОи реиҿцәажәарақәа ирзааҭгылеит.

«Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ ишазгәеиҭаз ала,  ашәарҭадара агарантиақәа ирыдҳәаланы Урыстәыла иҟанаҵаз ажәалагалақәа НАТО ахадаратә принципқәа ирышьашәалам,  ахҧатәи атәылақәа ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа рдәныҟатәи политика аҽалагалара азин рымам.

Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит НАТО алахәылацәа  Бухаресттәи асаммит аӡбара ишадгыло,  Қырҭтәыла хымҧада Алианс ишалало.

«Аганқәа рхаҭарнакцәа абарҭ азҵаарақәа рзы аконсультациақәа рынагӡаразы еиқәшаҳаҭхеит», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.