Давиҭ Залкалиани – Азгәаҭарақәа иҟоуп, аха, жәларбжьаратәи анаҧшцәа алхрақәа рылҵшәақәа ирықәшаҳаҭуп, абри ауп ихадоу
Давиҭ Залкалиани – Азгәаҭарақәа иҟоуп, аха, жәларбжьаратәи анаҧшцәа алхрақәа рылҵшәақәа ирықәшаҳаҭуп, абри ауп ихадоу

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани ишиҳәаз ала, алхрақәа ирыдҳәаланы иҟаҵаз азгәаҭарақәа аҩбатәи атур аҿы иазҧхьагәаҭазароуп.

Иара иажәақәа рыла, алхрақәа рзакәанра иадҳәаланы изакәызаалак зҵаарак иҟам.

Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара анаҧшратә миссиа аҳасабырбаҿы ажәа  «ииашоу алхрақәа» изыҟами ҳәа ианиазҵаа,  Залкалиани  ишиҳәаз ала, абри аҩыза ахәшьара алхрақәа азакәанра ранашьара ауп иаанаго.

«Абри аҩыза ахәшьара аныҟарҵо, уи иаанагоит жәларбжьаратәи ауаажәларра алхрақәа рзакәанра иазхарҵоит ҳәа.

Ааи, азгәаҭараақәа иҟан, аха, апартиақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҵоуп дара аҩбатәи атур азы аҽазыҟаҵара иалагарц. Аҩбатәи атур аан азгәаҭарақәа зегьы иазҧхьагәаҭазароуп, аха алхрақәа рзакәанра иадҳәаланы изакәызаалак зҵаарак иҟам», — иҳәеит Давиҭ Залкалиани.