Давиҭ Залкалиани Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа ахаҭарнак ҷыдеи амаӡаныҟәгаҩ хадеи дырҧылеит
Давиҭ Залкалиани Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа ахаҭарнак ҷыдеи амаӡаныҟәгаҩ хадеи дырҧылеит

Авице-аҧыза, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа ахаҭарнак ҷыда  Аахыҵ Кавказ аҿы Кари Ҳенриқсени  аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Роберто Монтеллеи дырҧылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, аминистр Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит  Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аимак аҭыҧқәҵара апроцесси Женеватәи аиҿцәажәарақәеи рҿы  ари аиҿкаара алахәызааразы. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа,  Аахыҵ Кавказ аҿы аҭагылазаашьа иалацәажәеит.

Аминистр  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара ахаҭарнакцәа аинформациа риҭеит жьҭаара 2 рзы Қырҭтәыла имҩаҧысраны иҟоу аҭыҧантәи алхрақәеи урҭ ирыдҳәалоу азҵаарақәеи ирызкны.